Ахәҭакахьала, Феисал Микдад Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аганахьала иарбоу азҵаарақәа адгылара шаиуо азгәеиҭеит.
«Шьамтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ессааира иӷәӷәахоит. Ҳара жәабранмза 5-6 рзы иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны агуманитартә цхыраара аҭара аҟаҵара иацаҳҵоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеитБаграт Хәытаба.
Аиԥылара иацҵо аганқәа Аԥсны аекономика Аминистрреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи рыбжьара анапхгарабжьаратәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас аҩ-ҳәынҭқарратә рҳазылхратә еилакқәа русеицура азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит.