АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жәабран.2023

АСЛАН БЖЬАНИЯ: ҲАРА БЕЛОРУССИАНТӘИ ЕСНАГЬ АСАСЦӘА ҲРЕИГӘЫРӶЬОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа усуратә визитла Белорусь даҭааит жәабранмза 20, ашәахьа. Аҩаша, жәабранмза 21 рзы Минск ақалақь, Ахьыԥшымра Ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит. Иара убас, аиԥылара далахәын  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аиҿцәажәарақәа рыҟны ирзааҭгылан ҩ-ганктәи аусуеицура, аекономикатәи ааглыхратәи еимадарақәа ирыдҳәалоу азҵаатәқәа рырҿиара. Уи аԥхьа, иусуратә ныҟәарақәа ирылагӡаны Аслан Бжьаниа даҭааит Минсктәи атрактортә зауад, Ахолдинг "Горизонт", атехнологиа ҳаракқәа рпарк.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Беларусь Ареспублика дшаҭааз 2022 ш.цәыббрамза 28 рзы Алеқсандр Лукашенко Аԥсны даныҟаз иҟаиҵаз ааԥхьарала.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аиҿцәажәара алҵшәақәа рзы игәаанагара иҳәеит ажурналистцәа данрацәажәоз.  «Шәара ижәдыруеит, Аԥсны ԥсшьарҭа тәыланы ишыҟоу, аҳауа шызҩыдоу, Белоруссиантәи еснагь асасцәа ҳреигәырӷьоит. Сара снапы зҵазҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны Белоруссиа атәылауаа Аԥсны визада рыҟазаара аҿҳәара иацҵахоит. Иаԥҵоуп Ахәаахәҭратә ҩны, уи аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭагылазаашьа ыҟоуп Аԥсны аалыҵ Белоруссиаҟа аашьҭразы. Иара убас, ҳаиқәшаҳатхеит Аԥснынтә аҿар рԥышәа аизырҳаразы Белоруссиа атехнологиа ҳаракқәа рпарк аҭааразы. Аԥсны ақыҭанхамҩа аалыҵ анаҩсгьы, ааглыхратә аалыҵ аанахәо иҟалоит, ҷыдала, белоруссиатәи ааглыхраҟны аԥхьагылара змоу – азауад «Горизонт» аалыҵ» , - ҳәа иҳәеит  Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Белоруссиа Ареспубликеи ҳареи аимадарақәа рышьақәыргылара   аҵак ду шамоу. «Ҳара мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ирыбзоураны амацәаз ҳҭакын, Урыстәыла амчала, иҟоу амҩақәа раатра апроцесс хацыркхеит.  Ҳарҭ иаҳҭахуп ҳаизыҟазаашьақәа агәылеимабзиаратә ҟазшьа рымазарц, ааглыхратә еимадара хшыҩзышьҭра аҭаны».

 


Read 224 times - Аҩаша, 21 Жәабран 2023 22:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.