АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2023

БЗЫԤ АӠИАС АҨХАА АҾЫ АСЫԤСА ЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Бзыԥ аӡиас аҩхаахьы, Аӡиа Иаҵәа аганахьала илеиз асыԥса аӡиас аӡышьҭра анаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу  аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа иҟанаҵо адыррақәа рыла, асыԥса ахьлеиз аҭыԥ аҿы автомашьынақәа рныҟәара аанкылаӡам, ааигәа-сигәа иҟоу аргыларақәа рзы ашәарҭара ыҟаӡам. 

 

 


Read 235 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.