19.Ажьырныҳәа.2023
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АИНВАЛИДЦӘА РМЕДИЦИНАТӘ РЕАБИЛИТАЦИА АЗЫ ИАЗОУЖЬХОИТ ХМИЛЛИОНКИ БЖАКИ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аминистрцәа Реилазаара аҿы атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра 2023 шықәсазы «1992–1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рмедицинатә реабилитациа азы» анапхгаратә хықәкытә программа шьақәырӷәӷәахеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Апрограмма афинанстәра иақәхарџьхоит 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 3,5 млн. мааҭ.