АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2023

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ УРЫСТӘЫЛА АСТАНДАРТӘ АНАПХГАРАҬАРА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Урыстәыла атехникатә ҭышәынтәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Антон Шалаев диԥылеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәии ахылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.

Астандартизациа азы Аԥсни Урыстәылеи рхылаԥшырҭақәа рхадацәа Алеқсандр Анқәаб  анапхгарабжьаратәи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥыргаз, насгьы аусеицура аҳәаақәа рырҭбааразы азԥхьагәаҭарақәа шыҟарҵаз азы адырра ирҭеит.

Аиԥылара ахықәкы хаданы иҟан – астандартизациеи аметрологиеи аишьашәалареи рганахьала ахылаԥшырҭабжьаратәи аусеицура аҿиара. Аҩ-тәылак рхылаԥшырҭақәа ааигәатәи аусура аплан аҿы иҟоуп: аԥсуа ган урыстәылатәи аҳәынҭқарратә стандартқәа рбаза (амилаҭтә стандартқәа реизакхьӡынҵа) ахархәара алыршара, асасдкылара аиндустриа аганахьала аҳәынҭқарратә стандартқәа рхархәара азы аконсультациақәа рымҩаԥгара, Урыстәыла аҳәынҭқарратә стандарт аметрологиа Академиа аҟны аԥснытәи аспециалистцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхразы акурсқәа реиҿкаара.

Алеқсандр Анқәаб Антон Шалаеви Урыстәыла Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи русуратә визит азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи ахылаԥшрабжьаратәи аизыҟазаашьақәа хра злоу аҩ-ганк еицырзыфеидоу акакәны ишыҟоу азгәеиҭеит.  

«Ҳәоуеиқәшәарала ҳусеицура иабзоураны аҵыхәтәаны  Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еикәыршара еизҳароуп», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр. 


Read 335 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.