Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы имҩаԥысит «2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» анапхгаратә хықәкытә программа анагӡара азы аконкурстә Комиссиа алахәылацәа аԥхьатәи реилатәара. Уи мҩаԥигон атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Баслан Џьопуа.
Аилатәара алахәылацәа аԥсшәа раҳәо, Беслан Џьопуа иҳәеит: «Агәыӷра сымоуп ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи иазоужьыз 100 миллион мааҭ хра злоу алҵшәақәа шаанарԥшуа. Иҳаҩсыз ҩы-шықәса алҵшәақәа ишаҳнарбаз ала, иааизкны апрограмма аихшьаала бзиақәа аиуит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаз агхақәа ҳара жәаҳәарада ҳасаб азаауроуп, иҳарҽеироуп, инацҵаны аус рыдааулароуп. Ҳара оперативла аус аауроуп, аҭыԥқәа ҳарҭаароуп, иахәҭоу ацхыраара аҭаразы иҟоу аҭагылазаашьа ҳаблала иаабароуп. Уи иаанагаӡом ҳара проектқәак мап рцәаҳкыроуп ҳәа, аха ҳхықәкы хаданы иҟоу апрограмма алахәхара зҭаху ауаа хра злоу аԥшьгарақәеи ацхыраареи рыҭара ауп. Сара сгәаанагарала, ҳусура аиҿкаара шҳалшо ишаиашоу иадҳәалоуп иарбоу апрограмма азы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рацҵара зыҟало изыҟамло», – ҳәа иҳәеит иара.
Аминистрра аграномиа аҟәша аграном хада Ҭеваз Ачба иҳаҩсыз ҩы-шықәса ирылагӡаны инагӡаз апроектқәа дрылацәажәеит.
Убас, 2021 шықәса рзы ахықәкытә программа анагӡара алагара инаркны ақәыршаҳаҭра роуит 91 проект. Урҭ рхарџьынҵа азеиԥш еицҵалыҵ 77 млн. 48 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, 2022 шықәсазы - 152 проект, урҭ рхарџьынҵа азеиԥш еицҵалыҵ - 76 млн. 611 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ихадоу ахырхарҭақәа — ари аҵиааӡара, арахәааӡара, имаҷу амеханизациа, ақыҭанхамҩа аалыҵ аус адулара.
«Ари еиҳа зҭаххара ҳараку ахырхарҭақәа роуп», – ҳәа иҳәеит Ҭеваз Ачба.
Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа ихантәаҩрала иаԥҵоу «2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара азы» Апрограмма анагӡаразы аконкурстә Комиссиа есымша аус зуа аилазаара шьақәырӷәӷәахеит.
Акомиссиа аилазара иалалеит:
Ақыҭанхамҩа Аминистрра амеханизациа аҟәша анапхгаҩы Асланӡиа А. Н.;
Ақыҭанхамҩа Аминистрра аграномиа аҟәша аграном хада (акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ) Ачба Ҭ. A.;
Ақыҭанхамҩа Аминистрра аграномиа аҟәша аиҳабы Барганџьиа Е. Т.;
Жәлар Реизара-Апарламент адепутат, аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Гогиа Д. Р.;
Ақыҭанхамҩа Аминистрра атранспорт аҟәша аспециалист хада Кәарҷиа К.В.;
Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аекономика аусбарҭа ареферент Логәуа Н.О.;
Ақыҭанхамҩа Аминистрра аекономика аҟәша анапхгаҩы Папба Б. М.;
Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ (Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ) Сарибекиан А. К.;
Аԥсны аекономика Аминистрра аҳәынҭқарратә ҭышәынтәалара аусбарҭа аспециалист хада Смыр А. Д.;
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Хагут Д. Ш.;
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аекономикеи анализ асектори азԥхьагәаҭареи рзы аусбарҭа ареферент еиҳабы Ҳаџьымба Д. Д.;
Афинансқәа Рминистрра Аконтрол-Ревизиатә Усбарҭа анапхгаҩы Хәырхәмал Г. 3.;
Афинансқәа Рминистрра аказначеира аусбарҭа анапхгаҩы Ҵәыџьба А.С.