Авагонқәа ҳаамҭа иақәшәо асанитартә уадақәа, аҳауаҭышәныртәалагақәа, аҿакырҭақәа, еиуеиԥшым агаджетқәа реиҵаҵара азы USB-ҿакырҭақәа, уҳәа рыла еиқәыршәоуп. Иҟоуп иара убас авагон-қьафурҭа, араҟа аурыс чысхкқәа реиԥш аԥсуа чысхкқәагьы аҿауҵар ҟалоит. Аретродәыӷба «Шәача» ареисқәа нанагӡоит нанҳәамза 15, 2020 шықәса инаркны. Ари аамҭа иалагӡаны уи имҩаԥнагахьеит 130 нызықьҩык апассаџьырцәа.
31.Ажьырныҳәа.2023
АТУРИСТТӘ ДӘЫӶБА «ШӘАЧА» МШАԤЫМЗА ИНАРКНЫ ҨАԤХЬА АԤСНЫҞА АРЕИСҚӘА РЫМҨАԤГАРА ИАЛАГОИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә дәыӷба «Шәача» мшаԥымза 29 инаркны цәыббрамза 30, 2023 шықәса рҟынӡа ареисқәа нанагӡалоит.
«Ари адәыӷба аҷыдаҟазшьаны иамоу авагаонқәа ринтериер зегьы иҳаҩсыз ашәышықәса 70-80-тәи ашықәсқәа рыстилистика иахьақәшәо ауп. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аҳәаахьчаратәии аҳазылхратәии апроцедурақәа зегьы ауаҩы дмыргәамҵкәа ирмарианы имҩаԥысуеит, амҩазы иазԥхьагәаҭоу аамҭа иахымԥаӡакәа аныҟәарагьы маншәаланы имҩаԥысуеит», – ҳәа Урыстәылатәи Аихамҩақәа рыпресс-маҵзура ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра аланарҵәоит асаит https://sochinews.io.
Амҩан адәыӷба ҭыԥқәак рҿы аанкыларақәа азԥхьагәаҭоуп – Лазаревск, Лоо, Дагомыс, Шәача, Адлер, Имеретинтәи акурорт, Весиолое, Цандрыԥшь.