АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ажьырныҳәа.2023

АԤСНЫТӘИ АДЕЛЕГАЦИА ХАТӘГӘАԤХАРАЛА АԤСНЫ ЕИБАШЬУАЗ РАНАЦӘА ЛЕРА ПЕЖЕВЕИ ЗЕЛЬМА НАУРЖАНОВЕИ РҬААЦӘА ИРҬААИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟаз Кавказ Ашьхарыуа жәларқәа Рконгресс аштаб аусзуҩцәа  Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәасқьыри Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵа ала зыԥсҭазаара иалҵыз, хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз ранацәа Лера Пежевеи Зелма Науржановеи рҭаацәа ирҭааит, ҳәа иаанацҳауеит аинформациатә Маҵзура «Аԥсадгьил-Информ».

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Лера Пежевеи Зелма Науржановеи рҭаацәа ирыҭахеит адышшыларатә шәҟәқәеи зыԥсҭазаара иалҵыз рнышәынҭрақәа рыҟаҵара азы аԥаратә хархәагақәеи, ҳәа адырра ҟалҵеит  Лиалиа Чамагәуа.

ҞабардаБалкариатәи хатәгәаԥхарала аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Заур Пежев иан Лера Пежева ԥхынҷкәынмза,  2022 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит.  Ажьырныҳәамза, 2023 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит Зельма Науржанова – Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҟынтәи раԥхьа иҭахаз, ԥсрашьҭахь Леон иорден занашьоу  Ибрагим Науржанов иан. Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәасқьыри иара убас  ирҭаааит хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аибашьраҿы иҭахаз Руслан Желитежеви Гена Карданови рҭаацәа. Ҟабарда-Балкариатәи хатәгәаԥхарала аибашьцәа Реидгыла ахантәаҩы дрыцны аԥснытәи аделегациа Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов анышә дахьамадоу иаҭааны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.


Read 516 times - Аҩаша, 17 Ажьырныҳәа 2023 11:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.