Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа мызқәак ирылагӡаны амилициа аусзуҩцәа ирӷәӷәоу арежим ала аус руеит. Ааԥсарак ҟамҵаӡакәа аныҳәатә мшқәагьы уахь иналаҵаны, есыҽны ареидқәа мҩаԥыргоит.
Ареспублика амҩақәа рҿы азинеилагарақәа рыпрофилактикеи рыԥхьырҟәҟәаареи хықәкыс иҟаҵаны ареидттә усмҩаԥгатәқәа есыҽны имҩаԥысуеит, амилициа аусзуҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылоит, ахьырхәрагьы иақәдыршәоит.
Аԥыԥшырҭатә командақәа аоперативтә гәыԥқәа рыцны аҭыԥқәа рахь инеиуеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дыргақәа змам автомашьынақәа, иара убас иршәшьу асаркьақәа змоу амашьынақәеи арццакратә режим еилазго амашьынарныҟәцаҩцәеи раарԥшра.