АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Ԥхынҷкәын.2022

ВАЛЬТЕР БЫҬӘБА: «АХӘЫҶҚӘА РААӠАРА АИҲАРАК АҬААЦӘА РҾЫ ИМҨАԤЫСУАЗАР АУП».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба ахаша, ԥхынҷкәынмза 21 рзы имҩаԥысыз азинхьчаратә усбарҭа ркоординациатә еилатәара аҿы дықәгылауа, ахымҩаԥгашьа азы адыррақәа ахәыҷы иҭаацәа рҿы ауп иахьиуоуша ҳәа иазгәеиҭеит.

Аминистр игәаанагарала, азинеиҿкаара аусбарҭақәа аҿар акриминал ахь ралагалара излауа ала армаҷра рҽазыршәоит, аха уи мацара азхоны иҟам. Ахәыҷқәа рааӡара аиҳарак аҭаацәа рҿы имҩаԥысуазар ауп:

«Асовет Еидгыла аҿы изызҳаз иргәалашәозар акәхап ҳамҩадуқәа рҿы атәым хәыҷқәа шыҟамыз. Иахьа, аиҳабы атәым хәыҷы лахьы ииҭар, уи иҭаацәа ирыдыркылаӡом, уи моу игәаауеит».

Вальтер Быҭәба иажәақәа рыла, убри еиԥшу аҭагылазаашьа шьақәгыланы иҟоуп иахьа ашколқәагьы рыҟны. Аҭаацәа арҵаҩцәа рҟынтәи рхәыҷқәа рхымҩаԥгашьа аганахьала ироуа агәҽанызаарақәа ииашаны аилкаареи иҟоу аусқәа рырҽеиреи рмыцхәрас, анацәеи абацәеи рхәыҷқәа ирыдгыланы арҵаҩцәа рзы агәынамӡара аадырԥшуеит: «Сара ашкол санҭаз аамҭазы ари аҩыза ахахьы аагарагьы цәгьан. Сара сҭаацәа лахь сырҭеит ҳәа расҳәар, усҟан сыдгылара акәым, арахь еиҳагьы исықәшәон», - ҳәа иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.


Read 345 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.