Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны иацҵаны имҩаԥысуан ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 13 рзы иарбаз амш азҵаара инақәыршәаны Лаша Ашәба хантәаҩра ззиуаз асессиа аилатәара.
Ирыхәаԥшын иагьрыдкылан аҵыхәтәантәи аԥхьараан Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа:
- «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы 2015 ш. мшаԥымза 14 аҟн. Аԥкаанҵа ашьақәырӷәӷәаразы» Азакәан.
- «Урыстәылатәи Афедерациа ахарџь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа ихадароу ркатегориақәа агәабзиарахьчара, аҵараиура, акультура, аспорт, атәылауаа рсоциалтә маҵзура аусхк аҟны афинансеицзоужьра аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаразы 2015 шықәса мшаԥымза 14 аҟнытә Аԥкаанҵа
ашьақәырӷәӷәаразы» Азакәан.
«Ашәатәы електронтә хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Азакәан.
«Абанктә ҳәаақәҵара аусхк аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аҧсахрақәа ралагаларазы» Азакәан.
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Аҳада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Н. Р. Ломиа.
Ирыхәаԥшуп иагьрыдкылоуп актәи аԥхьараан азакәан апроектқәа:
- «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».
- «Аинвестициатә еиҩызара аҳәаақәҵара ахәҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы».
- «Аинвестициатә еиҩызаразы».
4.«Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәаларшәагатәи мышқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы»
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Аҳада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Н. Р. Ломиа.