АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2022

НХЫҴ-КАВКАЗТӘИ АФЕДЕРАЛТӘ УНИВЕРСИТЕТ АБАЗА АЛА 796-ҨЫК АԤСНЫТӘИ АСПЕЦИАЛИСТЦӘА 26 ПРОГРАММА АЛА ДИСТАНЦИАЛА РЗАНААҬТӘ ДЫРРА АҨАӠАРА АШЬҬЫХРА АЗЫ АКУРСҚӘА ИРХЫСУЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет Азиндырратә Институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Максим Трофимов дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аиԥылараҿы  Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет специалистцәа Аԥсны, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҵарадырра асистемақәа  рмодернизациа адгылара аҭара иазырхоу апроект «педагогика аусзуҩцәа Рресурстә наука-ҵарадырратә Центр аусура аметодикатә еиқәыршәара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргаз  аусура аихшьаалақәа ирылацәажәеит.

Иарбоу апроект анагӡара Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу аҵараиуреи анаукеи Рминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуеит.

Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи 2014 шықәса инаркны активла аусеицура рыбжьоуп.

Иҳаҩсуа ашықәс азы Нхыҵ-Кавказтәи Ауниверситет аҿы имҩаԥган еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыла (аҭоурых, аурыс бызшәеи алитературеи, ахимиа, аматематика, англыз бызшәа, абиологиа, афизика), арҵаҩцәа, алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа, ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа, аколеџьқәа рырҵаҩцәа, ашколтә психологцәа, ашколқәа рдиректорцәеи  аҵара аҟәша аиҳабацәеи, аусуратә кадрқәа (аргылаҩцәа, анџьнырцәа, автомеханикцәа, ателехәаԥшреи аӡыргареи рыспециалистцәа, IT-аспециалистцәа, аенергетика аусзуҩцәа), аҳәынҭқарратә тәылауаҩратә маҵурауаа, атуризм аусхкы аусзуҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы акурсқәа мҩаԥган; Аҟәа, Гагра, Пицунда, Очамчыра ақалақьқәа рҿы анаука-популиартә лекциақәа мҩаԥысит; аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рдырра азы аконкурс мҩаԥган.

Апроект иара убас иаҵанакит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет арҵаҩцәагьы (аурыс бызшәа, азиндырра, аекономика, афизика, аматематика, абиологиа, апедагогика, афилологиа, аҭоурых, афатә-аалыҵ атехнологиа), иара убас Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа анаукатә усзуҩцәа абарҭ ахырхарҭақәа рыла: атмосфереи агидросфереи рфизика, абиологиа, аекономикеи азини, абиоиндикациеи апатогенқәа рекологиеи, афилологиа, аҭоурыхтә наукақәа, археологиа, уҳәа убас иҵегьы.

Иааизакны Нхыҵ-Кавказтәи Ауниверситет абаза ала уажәы 796-ҩык аԥснытәи аспециалистцәа 26 программа ала дистанциала рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы акурсқәа ирхысуеит. Зынӡа 8-шықәса ирылагӡоу аусеицура аамҭа ала аҽазыҟаҵара иахысит 1725-ҩык аҵарадырра аусзуҩцәа.  

Максим Трофимов Аԥсны Анапхгареи аҵара Аминистрреи апроект анагӡара аҿы активла ацхыраара аҭаразы иҭабуп иҳәеит. Аиԥылара аҿы иарбоу апроект ацҵара алыршара иалацәажәеит.

Аԥыза-министр Нхыҵ-Кавказтәи Ауниверситет асециалистцәеи аректорати аԥсуа ган анаука-методикатәи аԥышәатәи ацхыраара аҭаразы алшамҭақәа ахә ҳаракны ишьеит. Уи аԥсуа ган аринахысгьы аусеицура ацҵара ишазхиоу азгәеиҭеит.


Read 330 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.