Ауааи урҭ рынхарҭақәеи рзы ашәарҭара ыҟаӡам, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Давид Бганба.
12.Ԥхынҷкәын.2022
МАМЗЫШЬХА 30 ГЕКТАР ИАХЬАҴАНАКУА АБНА АМЦА АКУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Мамзышьха абнара 30 гектар иахьаҵанакуа амца акуп. Аинформациатә маҵзура «Спутник» акорреспондент диҿцәажәо убри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу Гагра араион ахьчаразы абылрацәыхьчаратә отриад аиҳабы Давид Бганба.
«Мамзышьха амца шакыз ҳара игәаҳҭеит ашьжьымҭан, усҟан амца акын 10 гектар инарзынаԥшуа. Уажәы амца 30 гектар абна амҽханакхьеит. Амца арцәаразы уахь унеиртә иҟам макьаназы, аха ҳара аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҳҭоит, алшара шааҳаулакгьы уахь адәықәлара ҳазхиоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Даввид Бганба.