Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәсазы ртәанчахәқәа рызшәара аграфик шьақәнарӷәӷәеит. Ианиз ашықәс инамаданы атәанчаҩцәа х-гәыԥкны еихшахоит. Атәанчахәқәа ршәара алагоит ԥхынҷкәынмза 16 рзы.
Ԥхынҷкәынмза 16, 19, 20 рзы атәанчахәқәа рызшәара иалагоит 1-тәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа (1950 шықәсанӡа ииз уахь иналаҵаны);
Ԥхынҷкәынмза 21, 22 , 23 декабря - рзы атәанчахәқәа рызшәара иалагоит 2-тәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа (1951 – 1956 шш. ииз уахь иналаҵаны);
Ԥхынҷкәынмза 26 рзы ԥхынҷкәынмзазы атәанчахәқәа роур алшоит 3-тәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа (1957 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбууи атәанчаҩцәа).
Атәанчахәқәа рыҭара мҩаԥысуеит Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк аҟәшақәа зегьы рҿы, атәанчаҩы ашәҟәы дахьҭагалоуи дахьынхо аҭыԥи иадҳәалаӡамкәа.