АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2022

2023 ШЫҚӘСАЗЫ АУСЕИҾКААРАТӘ АМЗАР ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «2023 шықәсазы Аусеиҿкааратә амзар» шьақәнарӷәӷәеит. 

Аминистрцәа реилазаара Ақәҵарала, аԥсшьаратәии аныҳәатә иусуратәым амшқәеи ахьеиқәшәо инамаданы, ииагахоит абарҭ аԥсшьарамшқәа:

Ажьырныҳәамза 1 (амҽыша) – ажьырныҳәамза 3 (аҩаша) ахь  ииагахоит;

Ажьырныҳәамза 7 (асабша) – ажьырныҳәамза 9 (ашәахьа) ахь ииагахоит;

Ажьырныҳәамза 8 (амҽыша) – ажьырныҳәамза 10 (аҩаша) ахь ииагахоит;

Ажьырнаҳәамза 14 (асабша) – ажьырныҳәамза 16 (ашәахьа) ахь ииагахоит;

Мшаԥымза 16 (ашәахьа) – мшаԥымза 17 (ашәахьа) ахь ииагахоит;

Нанҳәамза 26 (асабша) – нанҳәамза 29 (аҩаша) ахь ииагахоит;

Цәыббрамза 30 (асабша) – жьҭаарамза 2 (ашәахьа) ахь ииагахоит;

Абҵарамза 26 (амҽыша) – абҵарамза 27 (ашәахьа) ахь ииагахоит.

Аԥсшьарамшқәеи аныҳәатә мшқәеи хшыҩркрала рхархәара хықәкыс иҟаҵаны, ииагахоит абарҭ аусуратә мшқәа:

Ажьырныҳәамза 4 (ахаша) ажьырныҳәамза 21 (асабша) ахь ииагахоит;

Ажьырныҳәамза 5 (аԥшьаша) ажьырныҳәамза  28  (асабша) ахь ииагахоит.

Мшаԥныҳәа – Иаса Қьырса игылара Амш – амҽыша иахьазгәарҭо инамаданы (мшаԥымза 16), уи иашьҭанеиуа ашәахьа (мшаԥымза 17) иусуратәым мшны ирылаҳәахоит. 

***   *** Ажьырныҳәамзазы 15 ԥсшьара мшы ҟалоит: ажьырныҳәамза  1 инаркны ажьырныҳәамза  10 аҟынӡа, ажьырныҳәамза 14 инаркны ажьырныҳәамза  16 аҟынӡа, иара убас амҽышатә мшқәа  – ажьырныҳәа 22, ажьырныҳәа  29.  Асабшақәа – ажьырныҳәамза 21, ажьырныҳәамза 28 –  усуратә мшқәаны ирылаҳәахоит.

 

 


Read 309 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.