АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2022

АПРОФИЛТӘ ПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АҾЫ АТӘЫЛАХЬЧАРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, ԥхынҷкәынмза 7 рзы имҩаԥысыз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы Аԥсны атәылахьчаратә шәарҭадареи уи иамоу арратә потенциали ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  Аилатәара мҩаԥигеит аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.

Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Ануа, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба, атәылахьчара Аминистрра аштаб Хада анапхгаҩы Владимир Савченко.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра азы абжьгарақәа реиқәыршәареи заанаҵтәи ахәшьаара аҭареи рзы аусуратә гәыԥ ахантәаҩы Сергеи Пустовалов адепутатцәа иахьатәи амш азы иҟаҵоу аусура азы адырра риҭеит.

Атәылахьчара Аминистрцәа анапхгаҩцәа атәыла аҳәарҭадареи атәылахьчареи рганахьала аусқәа рҭагылазаашьа азы инарҭбаау аинформациа ҟарҵеит.

Аилатәара иалахәыз иара убас атәылахьчареи ашәарҭадареи русхкы аҿы азакәанԥҵара аиӷьтәра азҵаарақәа ирылацәажәеит.


Read 275 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.