аалыҵтәии аиҿкаареи «Еиду-Амилаҭқәа Реиҿкаара-аҳәса» ҳәа изышьҭоу аиҿкаареи имҩаԥнагаз ахәаахәҭратә цәыргақәҵа. Араҟа ицәыргақәҵан иарбоу аиҿкаарақәа иалаху иҭрыжьуа ахш иалху афатә аалыҵқәа, урҭ иреиуоуп иаагозар ашә ахкқәа: "качотта", "кашкавал" и "халуми". Иара убас ицәыргақәҵан ааигәа имҩаԥысыз Н. Б. Ачба ихьӡ зху аԥсуа ҩқәа рконкурс алахәылацәа – иреиӷьу аҩыҟаҵаҩцәа хкы-хкыла рыҩқәа.
Иазгәаҭатәуп, ицәыргақәҵаз афатә аалыҵ агьама агәаҭара ҟалон. Иуҳәар алшоит зегьы: ахарҵәы аума, ашәқәа роума, хкыхкыла аџьанџьыхәа, иара убас алаҳәарҩеи акиви иалху аршьышьи даараӡа ргьама бзиоуп ҳәа.