АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынҷкәын.2022

НЕСТОР ЦУЖБА АԤКЬАҬМПЫЛ АЗЫ ТИУМЕНЬТӘИ АОБЛАСТ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба абҵарамза 28 инаркны ԥхынҷкәынмза   3 аҟынӡа Тиумень ақалақь аҿы имҩаԥысуаз  аԥкьаҭмпыл азы Тиуменьтәи аобласт Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит. Атурнир зынӡа рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи 150-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.

Нестор Цужба 9-10 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон. Атурнир зегьы аҿы уи 1 геимк ауп дахьаҵахаз.  

Нестор Цужба – Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аԥсны ареспубликатә ԥкьаҭмпылтә школ адиректор, Аԥсны аспорт азҟаза, аԥкьаҭмпыл азы азыҟаҵаҩ  Елизабет Акәыциа лҿы иҽазыҟаиҵоит.

Тиументәи аоблст аԥкьаҭмпыл Афедерациа аҿы ишазгәарҭаз ала, аԥқьаҭмпыласыҩцәа рзы ари атурнир акыр аҵак ду амоуп, избан акәзар уи аҿы қәҿиарала ақәгылара иабзоураны аспортсменцәа рреитингтә рбагақәа акы еиӷьыртәыр алшоит. Анаҩстәи ахәҭа ахь аиасра азы акәаҭалақәа ахыԥхьаӡалахон, урҭ анаҩс урыстәылазегьтәи ареитинг иалагалахоит. Аԥхьаҟа, ртеитинг иабзоураны, аԥкьаҭмпыласыҩцәа еиҳа идуу аицлабрақәа рылахәхаразы азыҳәамҭақәа аларҵалар алшоит.


Read 417 times - Аҩаша, 06 Ԥхынҷкәын 2022 09:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.