АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынҷкәын.2022

ҲАЗҬОУ АШЫҚӘС АЛАГАРА ИНАРКНЫ ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 1 АҞЫНӠА АТӘАНЧАХӘҚӘА, АԤАРАТӘ ЦХЫРААГӠАТӘҚӘА, АТӘАНЧАХӘҚӘА РЫХӘЦҴАҚӘА РШӘАРА АЗЫ ИАЗОУЖЬХЕИТ 1 МЛРД 159 МЛН 762,6 НЫЗЫҚЬ МААҬ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ԥхынҷкәынмза 2  аҟынӡа абҵарамзазы ашәатәқәа зауа акатегориақәа зегьы ирыҵанакуа атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡақәеи рызшәара алыршахеит.  Абри азы адырра Аԥсныпресс ахь иҟаиҵеит Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

Абҵарамзазы зегьы рыхкы атәанчахәқәа ршәара азы иазоужьын  103 млн. 919 нызықь мааҭ.

«Ҳара атәанчахәқәа ршәара аганахьала иҟаз аиҵахара маҷк ада арҽеира ҳалҳаршеит. Атәанчахәқәа уажәы ианаамҭоу рԥарақәа роуеит. Уажәазы ҳара иҳамоу атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара 49 260-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар,   1059 – ҩык рыла еиҳауп. Урҭ рахьынтә 11 521-ҩык атәанчахәқәа рахь ацҵақәа зауа роуп, избан акәзар урҭ Урыстәылатәи Афедерациа атәанчахәы роуӡом», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Денис Гәылариа.

Уи иажәақәа рыла, «абгаԥсатә лагалақәа рыла, 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, афонд 156 млн. мааҭ рыла аԥхьагылара аманы иааиуеит».

2022 шықәса алагара инаркны ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, атәанчахәқәа рыцҵақәа ршәара азы иазоужьхеит 1 млрд 159 млн. 762,6  нызықь мааҭ. Уи, иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 129 млн. 789,9 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. 2021 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ашәан  1 029 972, 7 нызықь мааҭ.

Ҳазҭоу ашықәс 11 мзы ирылагӡаны Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд абгаԥсатә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 1 млрд 18  млн. 656,1 нызықь мааҭ, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 156 млн. 384,4 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи адотациақәа реицҵалыҵ 140  млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.   

2022 шықәса алагара инаркны ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа ишәаз атәанчахәқәа рыцҵақәа реицҵалыҵ  277 млн. 678,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 69 млн. 569,9 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. 2021 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәан 208 млн. 12,8 нызықь мааҭ.

Денис Гәылариа  иара убас  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа ртәанчахәқәа  20 % рыла ашьҭыхреи уи азы аԥаратә хархәагақәа рыԥшаареи рзы анапынҵақәа ҟаиҵеит ҳәа иазгәеиҭеит.


Read 366 times - Аҩаша, 06 Ԥхынҷкәын 2022 09:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.