Иазгәасҭарц сҭахуп, Аилазаара Апрезидиум ишалаз аҵарауааи усҟантәи Аиҳабыра алахәцәеи: Нестор Лакоба, Самсон Ҷанба, Андреи Ҷоҷуа, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа уҳәа уб.егь..
Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара аԥшьгарала имҩаԥыргон аҵак ду змаз аусмҩаԥгатәқәа, урҭ иаарылукаартә иҟоуп 1924 шықәсазы иааԥхьаз Амшынеиқәа аԥшаҳәеи Мраҭашәаратәи Кавкази атәылаҿацәҭҵааҩцәа I Реизара ду. 1925 шықәсазы еицырдыруа кавказҭҵааҩы, академик Николаи Мар иаԥшьгарала Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаараҟны еиҿкаан Симон Басариа напхгара ззиуаз аԥсуаҭҵаара аҟәша. Иара убри ашықәсаз жьҭаарамзазы иаԥҵан хазы иҟоу аҭҵаарадырратә усҳәарҭа Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа. Уи раԥхьатәи ахантәаҩыс дыҟан Аԥсны Аҵаралашара жәлартә комиссар Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа, ашьҭахь – Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа.
Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаареи Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа хьӡи-ԥшеи змаз тәылаҿацәҭҵааратә усҳәарҭақәан. 1930 шықәса лаҵарамза 28 рзы Аԥсны Аҵаралашара жәлартә комиссар идикылаз азыӡба инақәыршәаны, Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институт ҳәа иҟаҵан. 1931 шықәса нанҳәамза 5 рзы азыӡба рыдыркылеит Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаареи Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институти реидҵаразы, иагьахьӡҵан Аԥсуа тәылаҿыцәҭҵааратә институт ҳәа.
Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара ианаамҭаз Аԥсны ауаажәларратә ҭҵаарадырратә академиаҵәҟьаны иҟан.
Сара агәра згоит Аконференциа ҳаамҭазтәи аҵарауаа Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара иаԥнаҵаз аҵасқәа рынагӡаразы, аԥхьаҟагьы урҭ рԥышәа аҭҵаарадырратә усураҟны ахархәаразы алшара шырнаҭо
Аконференциа иалахәу зегьы ирзеиӷьасшьоит аихьӡара ҿыцқәа, лыҵшәабзиала аусеицура».