АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Абҵара.2022

АСЛАН БЖЬАНИЕИ СЕРГЕИ ШАМБЕИ АТӘЫЛАХЬЧАРАТӘ ҴАКЫ ЗМОУ АОБИЕКТҚӘА ИРЫХӘАԤШИТ

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи асабшаҽны, атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа рҭаареи рыхәаԥшреи мҩаԥыргеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба дицны, абҵарамза 7 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥгаз аҵыхәтәантәи аилатәара аҿы ирыдаркылаз аӡбамҭақәа рынагӡара инамаданы, атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа ргәаҭара иазкны анҭыҵтәи аусмҩаԥгатә мҩаԥыргеит.

Аусмҩаԥгатә иара убас рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, амибилизациатә еиқәыршәара азы аусуратә гәыԥ алахәылацәа.

 

 


Read 391 times - Асабша, 12 Абҵара 2022 16:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.