Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Алашарабага аҳаблаҿы ақәаршҩытә ҭҳәаа ҿыц ашьҭаҵара иазкны имҩаԥысуа аусурақәа ахыркәшамҭахь инеит.
Аҟәа ақалақь, Алашарбага аҳабла, Адлеиба имҩаду ала ақәаршҩытә ҭҳәаа ҿыц ашьҭаҵара иазкны имҩаԥысуа аусурақәа ахыркәшамҭахь инеит.
Алашарбага аҳаблахь инагоу ари амҩа ахәҭа аҳҭнықалақь автомашьынарныҟәцаҩцәа даара ибзианы ирдыруеит. Араҟа ақәыршҩы анауаз есымша аӡы ықәлон, аиасргьы акыр иуадаҩхон. Уи зыхҟьоз араҟа иҟаз абетон иалхыз ақәаршҩытә ҭҳәаа афункциақәа рынагӡра ахьзалымшоз ауп. Аколлектор аамҭа-аамҭала идрыцқьон, аха уи ала иҟоу апроблема инагӡаны аӡбара залыршахомызт. Уажәы аҳҭнықалақь Ахадара ажәытә коллектор апластик иалху аҿыц ала аԥсахразы алшарақәа аԥшааит.
«Адлеиба ихьӡ зху амҩа иарбоу ахәҭа аҿы, аӡиас Аӡаԥшь иху ацҳа азааигәара, Аҟәа ақалақь Ахадара иатәу Амҩатә аиҭашьақәыргылара-ргыларатә Усбарҭа Ахадара адҵа ала иҿыцу ақәаршҩытә ҭҳәаа ашьҭаҵара иазку аусурақәа мҩаԥнагоит. Ишьҭаҳҵоит апластик иалху зыгәҭаӡа 500 мм, зоура 50 м. иреиҳау ашәырақәа. Ари аҭыԥ аҿы ақәаурақәа рышьҭахь шамахамзар есымша аӡы ҭатәон, избан акәзар, иажәыз аӡҩаршьҭра абетон иалхын, уи 60 шықәса еиҳаны иахыҵуан, насгьы уи ааигәа-сигәа игылоу аҵлақәа рдацқәа рыла аԥхасҭа аиухьеит, урҭ иара аканал ахаҭа иҭыиааны аӡцара иаԥырхаган. Иарбоу ақәаршҩытә ҭҳәаа алгара ашьҭахь ари апроблема нагӡаны иӡбахоит», - ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара иатәу Амуниципалтә Унитартә Наплакы Амҩатә аиҭашьақәыргылара-ргыларатә Усбарҭа адиректор Дмитри Аҳәба.
Аӡҩаршьҭра аԥсахра иазку аусурақәа ирылагеижьҭеи ԥыҭраамҭак ҵуеит, аха урҭ атроллеибустә цәаҳәақәа рышьаҟақәа ахьаԥырхагаз инамаданы рхыркәшара залыршахомызт. Уажәы афымцамч ала аиқәыршәара аграфик инақәыршәаны иахьаанкылахо, насгьы убри инамаданы атроллеибусқәа рныҟәарагьы ахьеиԥҟьахо ҳхы ирхәаны, ашьаҟақәа аамҭала рықәгареи арҩаршьҭара алгара иазку аусурақәа рынагӡареи рзы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит.
Афорс-мажортә ҭагылазаашьақәа ҳәа акгьы ҟамлар, Алашарбага аҳабла аганахьала атроллеибустә еимадара абҵарамза 14 иахымгакәа еиҭашьақәыргылахоит.