АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:06

Аԥсни Урыстәылатәи ирзеиԥшу еихдоу аҿартә форум аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит Аԥсны жьҭаарамза 16-18 рзы

Аусмҩаԥгатә ҩ-тәылак рҟынтәи аҿар еиднакылоит рԥышәа аимдареи, рзанааҭтә ҟазара аизырҳареи, акультурабжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи ирыцхраауеит.

Афорум апрограмма иаҵанакуеит атематикатә сессиақәа, аӡыргарақәа, ареспублика ааглыхратәи асоциалтәи обиектқәа рахь аныҟәарақәа. Алахәылацәа ирылшоит аҭыԥантәи анаплакқәа русура аилкаара, ақәҿиара змоу апрактикақәа рыҭҵаара, аусеицура ахырхарҭақәа рылацәажәара.

Афорум актәи аетап мҩаԥысит лаҵарамза 4-9 рзы Нальчик, еизнагеит 300-ҩык алахәылацәа ҿарацәа-Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи 150-ҩык ахаҭарнакцәа.

Апроект аиҿкааҩцәа-Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аиҳабыра, Росмолодежь, АНО «Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа», аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы Урыстәылеи Аԥсни рыдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рыцхыраарала.

 


Read 67 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.