АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жьҭаара.2026

Ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьал аҵаратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит абуллинг апрофилактика дырӷәӷәарц, аҵаҩцәа рыбжьара ақәымчра ахҭысқәа ианаамҭоу ирықәҿырҭларц

Абри атәы аҳәоит аҭаацәеи арҵаҩратә еилазаареи рахь иҟалҵаз ааԥхьараҿы.
Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, аҵыхәтәантәи аамҭазы Азинмчы змоу иаппарат ахь инеиуеит аҵара зҵо рыбжьара абуллинг шыҟалаз азы аинформациа.
 
«Абуллинг ахәыҷқәа рыпсихологиатәи ремоциатәи ҭышәынтәалара ашәарҭара ду иҭанаргылоит, рзин еиланагоит, акраамҭатәи иҽеим ахҟьаԥҟьақәа аиур алшоит», — ҳәа аҳәоит ааԥхьараҿы.
Аомбудсмен ашколқәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит иааиԥмырҟьаӡакәа аицәажәарақәеи акласстә сааҭқәеи мҩаԥыргаларц, иара убас ианаамҭоу ақәымчра аарԥшреи аԥырҟәҟәаареи, ааха зауз ахәыҷқәа рыхьчареи, арҵаҩцәеи, апсихологцәеи, аҭаацәеи реинырреи алдыршаларц.
 
Ҷыдала дазааҭгылеит аҭаацәа рроль, ааԥхьара рылҭеит ахәыҷқәа рышколтә ԥсҭазаареи, рықәлацәеи дареи реизыҟазаашьеи, ремоциатә ҭагылазаашьеи ирызҿлымҳазарц.
 
«Акраҵанакуеит ахәыҷқәа ақәымчра шыҟамло раҳәара, уи ахҟьаԥҟьақәа реилыркаара, даҽаӡәы пату иқәҵашьа дырҵара, ацхыраара шроу агәрагара рыҭара, аӡәы ирыцҳара агәхьаа мкыкәа аанхара иашам»— ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит аомбудсмен.
Азинмчы змоу иаппарат азыхиоуп ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчареи ақәымчра аҽацәыхьчареи рҿы иахәҭоу ацхыраара аҟаҵара.

Read 125 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.