АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 11:49

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариеи Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иана Лантратовеи еиԥылеит аҩаша, жьҭаарамза 6 рзы Махачкала ақалақь аҿы

Аиԥыларахьы Даӷьсҭантәи аомбудсмен Запир Алхазов иааԥхьарала иааит Урыстәылеи аҳәаанырцә ааигәеи ррегионқәа рҟынтәи аҳәынҭқарратә зинхьчаҩцәа «Иҷыдоу арратә операциа алахәылацәа рзинқәа рыхьчаразы актуалтә зҵаарақәа: ариашара, усурҭала реиқәыршәара» атемала Урыстәылазегьтәи аилацәажәара алахәхаразы.
Кьышьмариеи Лантратовеи реиԥылара рхы аладырхәит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ Запир Алхазови Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу иаппарат анапхгаҩы Саида Еныкьи. Аиԥылара алахәылацәа азинхьчаратә институтқәа рыбжьара аусеицура аҿиара ахырхарҭақәа ирылацәажәеит, иара убас Урыстәылатәи аомбудсменцәа афедералтә ҩаӡарақәа рҿы еиԥш арегионалтә ҩаӡарақәа рҿгьы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа Аԥснытәи рколлегацәа ралахәхара аграфик азгәарҭеит.

Read 15 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.