АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:58

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ҭырқәтәылантәи иааз аԥсуа диаспора аделегациа дырԥылеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 33 шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба дырԥылеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахада, аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Иауз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу Ҭырқәтәылантәи аԥсуа диаспора рделегациа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ҳџьынџьуаа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, атәыла ахада иазгәеиҭеит ари аныҳәа рыдгьыл гәакьаҿы иахьаԥыло дшеигәырӷьо.
 
«Ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара аҵак ҷыда амоуп. Ҳахьынхозаалакгьы Ԥсадгьылк ауп ҳамоуп, ҳаиднакылоит еицаҳзеиԥшу аҭоурых, еицаҳзеиԥшу ашьаҭа. Ҳара зегьы ҳаицхырааны ихьыԥшым ҳаԥсуа ҳәынҭқарра ҳаргылароуп, иҳарӷәӷәароуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра ахада асасцәа ирыдиныҳәалеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 33 шықәса ахыҵра, иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҭоурыхтә ԥсадгьыл анҭыҵ амилаҭтә традициақәеи, абызшәеи, акультуреи реиқәырхаразы, иара убас ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара.

Read 19 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.