АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Абҵара.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ЗЫМАХА-ЗЫШЬАХА ЕИБГАМ АИНВАЛИДЦӘА РЫБЖЬАРА АШЬАПЫЛАМПЫЛ МАҶ АЗЫ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АТУРНИР «АИААИРА АХРАҾА» ААТИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 3 рзы Аҟәа ақалақь аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы X Жәларбжьаратәи атурнир «Аиааира Ахраҿа» аартра ацеремониа мҩаԥысит. 

Атурнир аартра ацеремониа аҿы адныҳәаларатә ажәахә ала еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Џьемал Гәыбаз, Кемертәи аобласт абҩарҵәыреи аспорти рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Барченов, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Олимпиатә Комитет апрезидент Валери Аршба, Аԥсны Апаралимпиатә Комитет апрезидент Леон Ҵәыџьба, атурнир аӡбаҩ хада, Урыстәыла аинвалидцәа Реидгыла аспорттә ҟәша анапхгаҩы,  Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Ахиллес Маврофиди.

«Зегьы абраҟа Аԥсны шәбара акыр гәахәарала иҳадаҳкылоит. Аҳәынҭқарратә Еилакы ахьӡала 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы X Жәларбжьаратәи атурнир «Аиааира Ахраҿа» аартра шәыдысныҳәалоит. Шәара шәыҩнуҵҟатәи шәымч-шәылша баны аԥсҭазаареи аусуреи рзы иумоу агәазыҳәара еизҳауеит. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақьиара, ақәҿиарақәа», - ҳәа иҳәеит Џьемал Гәыбаз.

Атурнир рхы аладырхәуеит хә-командак: «Кузбасс» (Кемерово), «Динамо - Алтай» (Барнаул), «Монолит» (Казань), «Махачкала» (Махачкала) , «Аԥсны» (Аԥсны Аҳәынҭқарра).

Ахәмаррақәа есыҽны, асааҭ  10:00 рзы ԥыхьатәи аминисрцәа Реилазаара Ахыбра аҿаԥхьа иҟоу ашьапылампыл дәы-маҷ  аҿы имҩаԥыслоит. Ихыркәшахоит абҵарамза  9 рзы.  


Read 241 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.