АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 18:04
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан
Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз апарад аҿы иҟаиҵаз ааԥхьараҿы Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар рықәԥара напхгара шаиҭоз амилаҭтә ԥхьагыла, Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба, уи иааигәара игылан Аԥсны Арбџьармчқәа напхгара рызҭоз, зыхьӡ наунагӡа ҳиааира аҭоурых ианылаз ар рԥызацәа хьӡырҳәагақәеи акомандирцәеи.






