АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 18:04
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит
Ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Ареспублика Башкортосҭан Аҳәынҭқарратә Еизара ахантәаҩы Андреи Назаров, аиҳабыра, Жәлар Реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ранацәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Анаҩс имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 33 шықәса ахыҵра иазкыз арратә парад.
Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба апарад идикылеит, апарад алахәылацәеи ареспублика ауааԥсыра зегьи рахь ажәахә ҟаиҵеит.
«Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа!
Акыр иаԥсоу аветеранцәа!
Аҩызцәа афицарцәа!
Ҳаҭыр зқәу асасцәа!
Иахьа иазгәаҳҭоит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 33 шықәса ахыҵра.
Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рлахьынҵа ҳәаақәызҵаз аиааира ҭоурыхтә хҭысхеит, Аԥсны аҭоурых адаҟьа ҿыц аанартит.
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 413 мши-ҵхи ицон. 413 мшы иацын аԥышәара хьанҭақәеи, агәымшәареи, афырхаҵареи.
Ари Аиааира ахә ҳаракуп. Уи агара алыршахеит ҳаибашьцәа ргәымшәареи рхачҳареи, рыԥсадгьыл ахьчара иахьазхиази ирыбзоураны.
Ҳажәлар Аиааира агәрагара рцәыӡуамызт. Аидыслара хьанҭақәеи, ацәыӡқәеи, иманшәаламхаз ажәыларақәеи рышьҭахьгьы ҳаибашьцәа амч ҿыц рыманы ԥхьаҟа ацара иаҿын. Урҭ рус шиашаз агәрагареи Рыԥсадгьыл абзиабареи еиднакылон.
Ари ақәԥара напхгара аиҭон амилаҭтә ԥхьагыла, Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба. Уи иааигәара иҟан Аԥсны Арбџьармчқәа ар рԥызацәа хьӡырҳәагақәеи акомандирцәеи. Урҭ рыхьӡқәа наунагӡа Ҳиааира аҭоурых иануп.
Ари аныҳәамш аҽны ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз зықьҩыла Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, хатәгәаԥхарала еибашьуази ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхы лаҳарҟәуеит. Урҭ рфырхаҵара ахаангьы иаҳхашҭӡом.
Ҳахьчаҩцәа рфырхаҵара иабзоуроуп иахьа ҳадгьыл аҿы ҳхы ҳақәиҭны ҳахьынхо, ҳҳәынҭқарра ахьҳаргыло, уи аԥеиԥш ҳхала иахьалаҳхуа.
Акыр иаԥсоу ҳветеранцәа!
Шәгәымшәареи шәхачҳареи рҿаԥхьа ҳхырхәоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭразы.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аиааиразы.
Шәфырхаҵара анаҩстәи абиԥарақәа зегьы рзы агәымшәареи, ахачҳареи, хамеигӡарада Аԥсадгьыл абзиабареи ирҿырԥшыгоуп.
Аиааира ашьҭахь ииасыз ашықәсқәа ирылагӡаны Аԥсны имариамыз амҩа ианысит. Иахьа ҳтәыла ҿиоит, аҳәынҭқарреи, аекономикеи, жәларбжьаратәи аимадарақәеи арӷәӷәоит. Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәа жәпаки.
Ҳара ҳҭакԥхықәра хада-Ҳфырхацәа зеибашьуаз, рхы зқәырҵоз аиқәырхара ауп.
Ҳара иаҳуалуп иӷәӷәоу, зхы иақәиҭу, иҿиоу аҳәынҭқарра аргылара. Ҳбызшәа, ҳкультура, ҳатрадициақәа, ҳҭоурыхтә гәалашәара, ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхара.
Иахьа ҳара иҳамоуп аҭынч ԥсҭазаара. Аха ҳара еилаҳкаауазароуп ҳакәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа шыуадаҩу. Ҳара иаабоит Қырҭтәыла Аԥсны мчыла архынҳәра аидеиа мап ацәызымкуа амчқәа шыҟоу. Уи Ҳаԥсадгьыл ахьчара еснагь ҳазхиазарц ҳаднаҵоит.
Ҳара Аԥсны Аҳәынҭқарра арбџьармчқәа ҳарӷәӷәоит, урҭ реибашьратә лшара шьҭаҳхуеит, Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи арра-техникатә усеицура ҳарҿиоит.
Аибашьра ҳҭахӡам. Ҳара иаҳҭахуп ҳажәлар рзы аҭынчра. Аха ҳара ҳазхиазароуп ҳадгьыли, ҳхақәиҭреи, ҳхьыԥшымреи рыхьчара.
Иахьатәи апарад иаанаго аиааира згаз рабиԥара пату рықәҵара мацара акәӡам. Ари Аԥсны аҭоурых шагәалашәо, Аԥсадгьыл ахьчаразы амчқәа шамоу арҵабыргуеит.
Акыр иаԥсоу ҳџьынџьуаа!
Ҳиааира Ду 33 шықәса ахыҵит. Ари аамҭа иалагӡаны ирызҳаит зхы иақәиҭу Аԥсны ииз абиԥара ҿыц. Ҳара иаҳуалуп ҳахьчаҩцәа рфырхаҵара агәалашәара, ҳтәыла аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра агара.






