АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:16

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны жәлар зегьы рзы аҵак ду змоу Аҟәа ахақәиҭтәра Амш!
33 шықәса раԥхьа Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырԥшыз афырхаҵареи агәаӷьреи ирыбзоураны ахы иақәиҭтәын 13 мзы инарзынаԥшуа ақәылаҩ импыҵахаланы имаз ижәытәӡоу, иссиру ҳаҳҭнықалақь - Аҟәа.
 
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц аҿы ари акырӡа зҵазкуа рыцхәуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Владислав Арӡынба зхадараҟны дыҟаз ҳаибашьцәеи Арбџьар мчқәеи агәра ганы иҟан ҳақалақь гәакьа ахы ишақәиҭтәхоз. Аԥышәара ду ишҭагылазгьы,  Аҟәа ахақәиҭтәразы илҵшәадаз  ажәыларақәа аҭыԥ шрымазгьы, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа хьаҵрак ҟарымҵеит. Урҭ агәра ргон Аиааира шыргоз.
 
Иахьа аҵак ду змоу ари амш  аназгәаҳҭо, иаҳгәалаҳмаршәарц залшом ҳџьынџьдгьыл  фырхаҵарыла изыхьчаз, Аԥсадгьыл аиааиреи ахақәиҭреи зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа. Урҭ ргәалашәара лаша аҿаԥхьа ҳхырхәоит, рфырхаҵара наунагӡа ҳажәлар ргәалашәараҟны инхоит.
 
Иахьа Аҟәа аизҳазыӷьара амҩа иануп. Ҳара иаҳзеиԥшу хықәкны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп - ҳаҳҭнықалақь ҳаамҭа иақәшәо арԥшӡара, арҿиара, ара аԥсҭазааразы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара, бџьаршьҭыхла зыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны иаҳзызыхьчаз ҳаибашьцәа ишрықәнагоу еиԥш аиҿкаара.
 
Иҟазааит ҳтәылаҟны наунагӡа аҭынчра, еизҳазыӷьалааит Аҟәа есышықәса.
 
Ҳаҭыр зқәу аҟәаа, ҳауаажәлар, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аҭынчра.
 
Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра амш! Ҽааныбзиала шәнеилааит!»
 

Read 23 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.