АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 11:49
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иԥылараан аветеранцәа ргәыԥ иаԥшьыргеит Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа ашьақәыргылара азҵаара
Атәыла ахада аԥшьгамҭа дадгылеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит амемориал азы аҭыԥ алхраан аветеранцәа ргәаанагара аԥыжәара шамазаауа.
Аиԥылара алахәылацәа ргәаанагарақәа еиқәшәеит, абаҟа ашьақәыргыларазы иалырхит иахьа аҳәынҭқарратә бираҟ ахьышәыршәыруа Ешыра ақыҭа иҟоу ахәа.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла аҳәынҭқарра ахада Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа инапы ианиҵеит ари азҵаара ҷыдала ахылаԥшра аиҭарц.
Бадра Гәынба иара убасгьы иҳәеит хара имгакәа апроект анагӡаразы ишеиҿкаахо апрофильтә ҳәынҭқарратә комиссиа.
«Ҳаибашьцәа рфырхаҵара анаунагӡатәра азҵаара ҭакԥхықәрала ҳазнеироуп», — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада.






