АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 18:02
Екатеринбург имҩаԥысит жәларбжьаратәи аекспедициа апрограмма аӡыргара, уи мҩаԥгахоит Аԥсны цәыббрамза 17-22 рзы жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль алахәылацәа рзы
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аҳәаанырцәтәи атәылақәа рхаҭарнакцәа Аԥсны иаҭаарц ирыдыркылаз аӡбамҭазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс – маҵзура.
«Аԥсны ҵакыралеи хыԥхьаӡаралеи имаҷу, аха иӷәӷәоу, динамикала иҿио тәылоуп, адунеи ахьынӡанаӡааӡо аимадара ӷәӷәақәа шьақәнаргылоит. Ҳара иаҳҭахуп аиҩызаратә, аекономикатә, агуманитартә, аполитикатә еизыҟазаашьақәа ҳацеиҩызшо атәылақәа рхыԥхьаӡара хьаҳәхьачарада иазҳаларц. Уи азы аҭагылазаашьақәа зегьы ҳамоуп», — ҳәа азгәеиҭеит Олег Барцыц.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа аԥсшәа раҳәо иара убас иқәгылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа, акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Аԥсны раԥхьаӡа акәны жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҳәаанырцәтәи алахәылацәа рделегациақәа аднакылоит.
Аекспедициа иалахәхоит Урыстәылатәи Афедерациа, Венесуела, Аргентина, Бразилиа, Иорданиа, Колумбиа, Куба, Кыргызсҭан, Ливан, Молдова, Парагваи, Перу, Сербиа, Таџьикистан, Чили рхаҭарнакцәа.
Аҭаараан аҳәаанырцәтәи алахәылацәа Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынхеи, уи атрадициақәеи, аԥсабареи, ареспублика ҳаамҭазтәи аԥсҭазаареи ирабадыруеит.






