АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 13:27

Иҳаҩсыз аҵарашықәс аихшьаалақәеи, аҵаратә стандарт ҿыцқәа рышьақәырӷәӷәареи, аҵарашықәс ҿыц азы апланқәеи ирызкуп Аминистрцәа реилазаара аконференц-зал аҿы имҩаԥысыз аҵара Аминистрра аколлегиа инарҭбаау аилатәара

Имҩаԥылгеит аҵара аминистр Хана Гәынба.

Аколлегиа аилатәараан ареспублика аҵаратә усҳәарҭақәа жәпакы рҿы имҩаԥгаз акомплекстә гәаҭарақәа рылҵшәақәа рзы аҳасабырба ӡырыргеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҳҭнықалақь абжьаратә школқәа №3, №7, иара убас Аҟәа иҟоу ашкол «Альфа».

Аиԥылара алахәылацәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит аҵареи абызшәатә зыҟаҵареи рхаҭабзиара аизырҳара ирызкыз азҵаарақәа. Ишьақәырӷәӷәахоит ирҿыцу астандартқәеи аҵаҩцәа рдыррақәа рыҩаӡара ахәшьара аҭаразы аҭахрақәеи. Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит 4-тәи аклассқәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵара, 6-тәи 7-тәи аклассқәа рҿы аԥсуа литература, иара убас аурыс бызшәа иаурысым ашколқәа рҿы (4-тәи, 6-тәи, 7-тәи аклассқәа рзы).

Арҵагатә материал ҿыцқәеи апрограммақәеи шьақәырӷәӷәатәуп: аҩбатәи акласс аҵаҩцәа рзы арҵага шәҟәы «Алитературатә ԥхьара», иназыцҵоу аҵарадырра асистемазы — ашколхәыҷқәа аҽыбӷаҟазара дырҵара иазырхоу иҷыдоу апрограмма «Абҩарҵәыра».

2025-2026 аҵарашықәс азы Аминистрра аусура инарҭбаау анализи аихшьаалақәеи дырзааҭгылеит аминистр Хана Гәынба.


Read 32 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.