АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 12:56

Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысуеит Аԥсны 35 алхырҭатә ҭыԥ рҿы

Урыстәыла Алхырҭатә ҭыԥ хада аҳәаанырцә еиҿкаау алхырҭатә ҭыԥқәа рзы аинформациа акьыԥхьит. Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭиир рылшоит Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа раан цәыббрамза 20 рзы 152 тәыла рҟны 319 алхырҭатә ҭыԥ рҟны.

Аԥсны абжьыҭара мҩаԥыслоит 35 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, аԥыжәара рыҭоуп ауааԥсыра зышьцылахьоу абжьыҭирҭа ҭыԥқәа. Уи цәыббрамзазы ареспубликаҿы иҟало иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауааи атуристцәеи рырманшәаларазы иҟаҵоуп. Аҳәаанырцә алхырҭатә ҭыԥқәа еиҿыркаауеит адипломатиатә хаҭарнакрақәа-Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭақәа. Абжьыҭира рхы аладырхәыр рылшоит рхаҭара шьақәзыргыло адокумент ала Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу.

«Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала ауаа Урыстәылатәи атәылауаҩра рымоуп. Дара рзгьы Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа абстракттә политика акәӡам — иалкаау усқәоуп. Абарҭқәа зегьы ишиашоу ҳара иалаҳхуа акурс иадҳәалоуп. Ауаа рыбжьы ҭирала иаадырԥшуеит Урыстәылеи Аԥсыни рыҿиарамҩа хьаас ишрымоу. Ҳара сынтәа алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацаҳҵеит, ауаа ирзыманшәалахарц, хара ацара рықәымшәарц азы. Ҳара иаҳуалуп доусы ибжьы раҳарц азы иҳалшо зегь аҟаҵара», - ҳәа ахҳәаа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков. 

Зынӡа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан ашәҟәы иҭагалоуп 4436-ҩык акандидатцәа.

Урыстәыла жәларбжьаратәи анаԥшцәа рзы ааԥхьарақәа нанашьҭит 100 инареиҳаны атәылақәеи 12 жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рахь. Нанҳәамза 20 рзы алахәхара шьақәдырӷәӷәеит 55 тәылеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа. Аԥсны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҳәаанырцәтәи анаԥшцәа алахәхоит абжьыҭира амш аҽны-цәыббрамза 20 рзы.


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.