АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Нанҳәа.2026

ААААР ахҳәаа арҭеит

 

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ахҳәаа арҭеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак аҟны Латвиа ахаҭарнак дзыԥхьаз Мраҭашәаратәи атәылақәа ргәыԥ иҟанаҵаз аҳәамҭа.

Аусбарҭаҿы адокумент ҳзышьцылахьоу аполитикатә цәажәарақәа реизгеи Аахыҵ Кавказ ишьақәгылаз аҭоурыхтәи азинтәи ҭагылазаашьақәа рызхьамԥшра аҽазышәареи роуп изызку ҳәа ахырҳәааит.

Адипломатиатә усбарҭаҿы иазгәарҭеит 2008 шықәса нанҳәамзы иҟаз ахҭысқәа «адәныҟатәи агрессиа» акәын ҳәа ацәыргара аҽазышәарақәа ишырҿагыло Ҳаиди Тальиавини инапхгарала жәларбжьаратәи акомиссиа иҟанаҵаз алкаақәа, уа аибашьра ахацыркразы Қырҭтәыла ахара еилыкка иазгәазҭан.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны инаҵшьны иазгәарҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа зинла еиҟароуп, астратегиатә ҟазшьа рымоуп, реиқәшаҳаҭра-зинтә база шәкы инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәа амоуп ҳәа. Закәанла ҩ-ганктәи аусеицуреи аколлективтә шәарҭадара амеханизмқәа рышьақәыргылареи аусбарҭаҿы «ампыҵахалара» ҳәа рыхцәажәара аҽазышәарақәа асуверентә ҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа реицакреи рыҽрылагалареи роуп ҳәа ахырҳәааит.

Адәныҟаполитикатә усбарҭагьы азхьаԥшра анаҭеит изыԥхьаз арзаҳал Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак аофициалтә документны ишыҟам. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак иалахәу 15 ҳәынҭқарра рҟынтәи ари акциа зҽалазырхәыз Мраҭашәаратәи атәылақәа ргәыԥ ҭшәа ауп, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә маҵзура алахәылацәа реиҳараҩык уи аҽалархәра мап ацәыркит. 

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны еихыршьалеит: ареспублика исуверентәу ҳәынҭқарроуп, уи ақәыӷәӷәара аҽазышәарақәа хәарҭам.


Read 173 times - Ахәаша, 21 Нанҳәа 2026 20:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.