АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Нанҳәа.2026

Васили Небензиа: Кавказнҭыҵ аҭынчра — амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭреи аҳәаақәа рдемаркациеи роуп

Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аҟны иҟоу Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак Васили Небензиа ажурналистцәа рҿаԥхьа дықәгылеит нанҳәамза 20 рзы, 2008 шықәса нанҳәамзазы Цхинвал имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирызку ашәарҭадаратә Хеилак мраҭашәаратәи алахәылацәа рыпресс-знеишьа иалагаанӡа.

Урыстәылатәи адипломат ицәыригеит 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа робиективтә хронологиа. Иҳәамҭаҿы арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа дазааҭгылеит.

Небензиа инаҵшьны иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа Кавказнҭыҵ адиалоги аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы амеханизм хада аҳасабала рроль.

Иара иҳәеит Қырҭтәылеи Аԥсни, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы зинла адҵа ҟазҵо аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра шхымԥадатәиу, иара убас аҳәаақәа рделимитациеи рдемаркациеи рыпроцесс аусура ишалагатәу.

Васили Небензиа иазгәеиҭеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара есышықәса аполитизациа зызу арезолиуциақәа ирыдыркыло, иара убас Мраҭашәара Қырҭтәыла анырра аҭареи НАТО алагалареи аҽазышәарақәа рнырра шҽеим.

Еиду амилаҭқәа реиҿкаараҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнак ишьақәирӷәӷәеит Урыстәыла Аахыҵ Кавказ акраамҭатәи аҭынчреи ашәарҭадареи рзы Қырҭтәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара ишиашоу адиалог ацхраара ишазыхиоу.


Read 192 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.