Апарламент аҿы Қырҭтәылеи дареи аиқәшаҳаҭра ҿыц апроект аздырхион, уаҟа иҟан аԥсуа телехәаԥшра аҭыхратә гәыԥ. Ақырҭуа ар Аҟәа ишазааигәахахьаз анеилкааха ашьҭахь ателехәаԥшра аусзуҩцәа ирласны МВО асанаториа аҵакырахь ииасит, ахыбра ҳаракы, аҵыхәтәантәи аихагыла аҟынтәи имҩаԥысуаз зегьы ҭырхуан – раԥхьатәи аиҿахысрақәа, аԥсшьаҩцәеи аҭыԥантәи ауааи, ацҳа ҟаԥшь аҿы раԥхьатәи аиҿагылара.
«Абарҭқәа зегьы аефир ахь ицеит асааҭ 14:00 рзы, Азеиԥш мобилизациазы Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵара ҳанаԥхьа ашьҭахь»,-игәалаиршәоит Аргәын.
Уи аҽны иара аҷаԥшьаратә редакторс дыҟан, апрограммақәа руак асценари даԥхьон, Иреиҳаӡоу Асовет аҟынтәи аредактор хада Руслан Ҳашыг аҭел дасны аефир амҩаԥгара аанимкыларц, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҟынтәи аинформациа дазыԥшызарц иеиҳәеит.
«Ииашаҵәҟьаны, минуҭқәак рышьҭахь ари атекст ааргеит. Иаразнак астудиахь снеит, амҩан ҩынтә-хынтә атекст лаԥшыла аимдара сахьӡеит, иаразнак ишиашоу ицо аефир аҿы саԥхьеит», - иҳәоит ажурналист.
Адиктор изы акраҵанакуеит ицәаныррақәа рыҵәахышьа. Ишԥаилшеи ихатә гәҭыхақәа риааира?
«Ҳәарада, сҽазишәон аҽынкылара, гәҭынчымрак, гәыхыҭхыҭрак, цәаныррак аасырԥшыр сҭахымыз. Даара аҭакԥхықәра зцу текступ – еилыкка, ииашахәҵәаӡа иаԥхьатәын. Уи ахьынӡалыршахаз сыздыруам, аха сҽазысшәеит», - игәалаиршәоит Аргәын.
Аԥсуа телехәаԥра аусзуҩцәа ақәылара раԥхьатәи асааҭқәа рзы иҭырхыз акадрқәеи ари аефири излагаз аибашьразы раԥхьатәи документалтә хрониканы иҟалеит.






