413 мши ҵхи Аԥсны жәлар рыԥсадгьыл азы еибашьуан. Арҭ амш хьанҭақәа раан зықьҩыла ҳџьынџьуаа Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит. Урҭ ирыцеибашьуан Нхыҵ-Кавказынтәи, Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аҳәаанырцәынтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Урҭ ргәымшәареи ҳтәылазы иуадаҩӡоу аамҭазы ацхыраара ишазхиоуи наунагӡа Аԥсны аҭоурых аҿы иаанхоит.
Иуадаҩыз аамҭазы ажәлар раԥхьа дгылеит Аԥсны аҵеи ду-Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Иԥсадгьыл алахьынҵазы аҭакԥхықәра ихахьы ианига, илиршеит ажәлар реидкылара, Аиааирахь рнагара.
Аиааира ахә дууп. Зықьҩыла Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи Рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Урҭ рфырхаҵара ахаангьы иаҳхаҳмыршҭыроуп. Урҭ ргәалашәара ԥхьаҟатәи абиԥарақәеи ирымаҳдалароуп, уи ҳара иаҳҭакԥхықәроуп.
Иахьа адунеи имариам, агәҭынчымра узцәырызго аамҭа ианҭагыло, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа акзаара ҳҭахуп. Ажәлар ракзаара ауп аибашьра ашықәсқәа раан ачҳара алзыршаз амч хадақәа ируакхаз. Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ари аҭоурых, Аԥсадгьыл аинтересқәа хаҭалатәи аилибамкаарақәа раасҭа иҳаракны ҳазненуазар ауп.
Ари агәырҩа мшы аҽны Аԥсны зхы ақәызҵаз зегьы ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхы лаҳарҟәуеит. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәымшәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.
Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, Афырхацәа, наунагӡа Аԥсны жәлар ргәалашәараҿы иаанхааит. Зыԥсҭазаара ахҭынҵаны ирыхьчаз ихьыԥшым Аԥсны аҭынчра ҳзеиԥш уалԥшьаны, ҳзеиԥш ҭакԥхықәраны иҟалааит».






