Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи ишәыдышәкыл Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иаҿагыланы имҩаԥнагаз аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш инамаданы адгылареи гәык-ԥсыкала арыцҳашьареи ирызку ажәақәа.
Нанҳәамза 8 Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых аҿы наунагӡа итрагедиатәу рыцхәны иаанхоит. Ари амш аҽны ачарҳәаратә агрессиа иалаӡыз зегьы ргәырҩа ҳацуп, зыԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз Аахыҵ Уаԥстәыла ахьчаҩцәа ргәалашәара лаша аҿаԥхьа ҳхы лаҳарҟәуеит, даара иҭабуп ҳәа раҳәо иаҳгәалаҳаршәоит Аахыҵ Уаԥстәыла аҭынчразы зуалԥшьа нагӡо иҭахаз Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа.
Нанҳәамза 2008 шықәса аиашьаратә ауаԥс жәлар рзы иԥышәара хьанҭаны иҟалеит, аха убри инаваргыланы адунеи зегьы иднарбеит адоуҳамч, агәымшәара, имҟәуа агәазыҳәара. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит атрагедиа аанкылара, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рыхьчара, ҳҳәынҭқаррақәа рҭоурых аҿы адаҟьа ҿыц аартра зыбзоурахаз Урыстәылатәи Афедерациа инанагӡаз ароль. Даара иҭабуп ҳәа раҳәо иаҳгәалаҳаршәоит 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы ирыдыркылаз Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхьыԥшымра азхаҵаразы аҭоурыхтә ӡбара.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи еицны, дара-дара еидгыланы ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рахь амҩа ианысит, агәра ганы сыҟоуп убасҵәҟьа ҳаидгыланы аҭынч ԥсҭазаара шышьақәҳаргылало, ҳҳәынҭқаррақәа шҳарӷәӷәо, ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы аизыҟазаашьақәа шҳарҿиало.
Ари агәалашәаратә мшы азы Аахыҵ Уаԥстәыла аиашьаратә жәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аманшәалара, уаҵәтәи амш агәрагара».






