АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Нанҳәа.2026

Иазгәарҭеит Пицунда ақалақь амш

Агәырӷьарақәа ирҭыԥ хаданы иҟалеит аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра, уаҟа акурорт ауааԥсыреи асасцәеи рзы аџьырмыкьа, агастрономиатә ҩны хәыҷқәа, ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭақәа еиҿкаан.

Ахәаахәҭра иалагеит асааҭ ԥшьба инаркны. Аныҳәаҿы ифатәы хаданы иҟалеит аҵәы иахаҵаны иӡу ацә — уи хәыда-ԥсада агьама рбар рылшон изҭахәу зегьы. Аџьырмыкьаҿы ртауарқәа ӡырыргоит аҭыԥантәи анапҟазацәа, афлористцәа, аҩыҟаҵаҩцәа, ахаа ҭзыжьуа: иуԥшаар улшон автортә рԥшӡагақәа, ашәҭқәа, зыфҩы лаҳа-лаҳауа иҟоу акаҳуа, еицырдыруа пицундатәи аршәы. Асасцәа қәыԥшцәа рзы аус руан аниматорцәа.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ Демид Ҳагба, сынтәа Пицунда ақалақь аофициалтә статус аиуижьҭеи 19 шықәса аҵра азгәанаҭоит иҳәеит:

«Традициала ишаԥу еиԥш, асасцәа аҩналарҭаҿы ҳџьеиџьыка ҳнапы иқәыргыланы ҳарԥылеит афҩы лаҳа-лаҳауа ацә аҵәы иахаҵаны иаҳӡит, аҭыԥантәи аҩы рыдаҳгалеит. Аџьырмыкьаҿы еизеит иреиӷьыз аԥсуа ҟазацәеи аҩыҟаҵаҩцәеи. Ахәыҷқәа рзы хазы арлахҿыхратә ҭыԥ аус ауан. Ахәылбыҽха имҩаԥаагоит аконцерт, агәырӷьара хыркәшахоит аныҳәатә феиерверк ала».

Ҳагба иациҵеит иааиуа ашықәс азы, ақалақь 20 шықәса ахыҵра аиубилеи азы аиҿкааҩцәа ргәы ишҭоу агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа  рымҽхак арҭбаара.


Read 444 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.