Аилацәажәара аартуа Владимир Делба игәалаиршәеит атәыла анапхгара анхамҩа аҿиаразы еиуеиԥшым-ауснагӡатәқәа шрыдыркылахьоу. Ахәҭакахьала, ԥхынгәымза 15 инаркны жьҭаарамза 15-нӡа акарпыжә культурақәа рахгаразы асезонтә ҳазалхратә баџь аус ауеит.
«Аалыҵ аҭира аиҿкааразы аӡбамҭақәа еицыԥшаатәуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Делба.
Иара иациҵеит абаџь шаларгалаз аарыхыҩцәа иҟарҵаз ааԥхьарақәа рышьаҭала. Убри аан аиҳабыра азыхиоуп афермерцәа реиԥш аахәаҩцәагьы ринтересқәа ҳасаб рзуны ашьаҿақәа рыҟаҵара.






