Аспорт абзиабаҩцәа рхы аладырхәыр рылшоит ашьапылампыл, анапылампыл, амҵәышәмпыл, аԥкьаҭмпыл, ашахмат рзы атурнирқәа. Ахәыҷқәа рзы аиҿкааҩцәа анимациатә шоуқәа аздырхиоит, аныҳәаҿы иалукааша хҭысны иҟалоит аҳаир мпыл ду арԥырра.
Пицунда ахада инапынҵақәа назыгӡо Анри Багаҭелиа ааԥхьара ҟаиҵоит зегьы аныҳәа рҽаладырхәырц азы, аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Пицунда ауааԥсыреи асасцәеи ақалақь амш азгәаҭарахь ааԥхьара раҳҭоит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ақалақь ахадара ганрацәала адгылара азҭо зегьы. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа ҳақалақь азы акырӡа аҵанакуеит, ауааԥсыреи асасцәеи рыԥсшьара аамҭа хра аманы амҩаԥгаразы алшара рнаҭоит», — ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.
Аусмҩаԥгатәқәа асааҭ 10: 00 инаркны 22: 00 рҟынӡа ицалоит.






