Аҟәа Алик ҳәа изышьҭаз Александр Семенцов 20 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы дынхон, Аҟәатәи афизика-техникатә институт алабораториаҿы физикс аус иуан, иара убри аамҭазы аҿыханҵа инапы алакын.
«Иара Аҟәа бзиа ибон, избанзар ақалақь даара афактуратә ҟазшьа амоуп, араҟа алашара ссируп, аԥштәы ссируп — саб арҭ аҿыханҵатә бызшәа акәамаҵамақәа бзианы еиликаауан», — ҳәа еиҭалҳәеит Елена Семенцова.
Лара лажәақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа раан ицоз Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра асахьаҭыхыҩ даара игәнигон. Иаԥиҵеит аграфикатә усумҭақәеи зымҽхак ҭбаау асахьақәеи рсериа, уаҟа иааирԥшит аибашьра иадҳәалоу ахьааи агәҭыхақәеи.
Елена Семенцова иазгәалҭеит аусурақәа амузеи ахь рынашьҭразы аӡбамҭа зыдҳәалоу ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы лаб иҭынха аиқәырхареи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа аҟаза ирҿиара аилкааразы алшара рыҭареи шракәу.






