Аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аҵара аминистр Хана Гәынба, аусбарҭа апрофильтә ҟәшақәа рхаҭыԥуааи рнапхгаҩцәеи, иара убас Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиа.
Аартра иалагеит алахәылацәа ацәаҳәа рықәгылареи Аҳәынҭқарратә бираҟ гәырӷьарала ашьҭыхреи рыла.
Аҵара аминистр Хана Гәынба акурсантцәа қәыԥшцәа арратә дисциплинақәа рнапахьы раагараҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьалшьеит. Аофициалтә хәҭа ашьҭахь аминистрра анапхгара алагер аматериал-техникатә базеи аҵаратә процесс амҩаԥысшьеи еилыркааит.
Сынтәа алагер иалахуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 81-ҩык ашколхәыҷқәа. Ахәыҷқәа зегьы рзы аҵара хәыда-ԥсадоуп. Апрограмма азырхоуп апатриоттә ааӡара, аҿар ганрацәала рыҿиара, абаҩрҵәыра арӷәӷәара.
Алагер ааӡамҭацәа аҳауа цқьаҿы аҽазыҟаҵара акурс иахысуеит. Ашколхәыҷқәа абџьар аимыхреи аибыҭареи рзы анормативқәа аус рыдырулоит, атактикатә усқәа рнапахьы иааргоит, рымаха-рышьаха арӷәӷәазы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит.
Арҵаратә программаҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп ҳаамҭазтәи атехнологиақәа: акурсантцәа рзы еиқәыршәоуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи FPV-дронқәеи рнапхгараҭашьа ахьырҵо иҷыдоу акласс. Арра-тактикатә дисциплинақәа рнаҩсгьы, алагер алахәылацәа рзы иазырхиоуп акультура-ԥсшьаратә усмҩаԥгатәқәеи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рԥыларақәеи.






