«Аҿар рҭоурых ргәалашәоит, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иазхәыцуеит. Шәаара даара ҳаигәырӷьоит, уи иаанаго рацәоуп. Ҳџьынџьуаа ахьыҟазаалакгьы еснагь рааигәа ҳаҟоуп. Ҳара иаҳҭахуп шәыԥсы шәшьарц, Аԥсны аҭыԥ ԥшӡақәа жәбарц, ҳзеиԥш ҭоурых шәеиҭазхәыцырц», — иҳәеит Бадра Гәынба.
Апроект хықәкы хадас иамоуп аԥсуа диаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәара, иара убас амилаҭтә бызшәеи, акультуреи, атрадициақәеи аҿар рыбжьара реиқәырхареи рӡыргареи.
2018 шықәса раахыс есышықәса имҩаԥысуа алагер еиҿнакаауеит арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы. 2026 шықәсазы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба инапынҵала апроект аформат арҭбааит: раԥхьаӡа акәны уи иалахәхеит Аԥсны алицеи-интернатқәа рааӡамҭацәа.






