АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:23

Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа 2026 шықәса актәи азыбжазы аусура алҵшәақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит

Ҳаразиа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит амшцәгьа аҟьаԥҟьақәа раԥыхра.

Анхарҭатә ҩнқәа ԥхьаҟа аӡы рыҵалара аԥыхразы араион акоммуналтәи анџьныртәи маҵзурақәа аусурақәа ркомплекс мҩаԥыргеит. 200 метра инаӡо ақәаршҩымҩангага ҿыц шьҭаҵоуп. Ааигәа-сигәа иҟоу аҵакырақәа рыхьчаразы 150 метра аура змоу аӡкыра рӷәӷәоуп, иара убас километрак рҟынӡа инаӡо аӡымҩахгага жуп.

Маҷара ақыҭеи Гәылрыԥшь аҳаблеи рҿы адгьылҳәазарақәа рҟынтәи ррыцқьаразы аусурақәа  мҩаԥгоуп, иара убас иԥхасҭахаз амҩақәа еиҭашьақәыргылоуп.

Аҳәынҭқарра Ахада ԥхынгәымза 20, 2026 шықәсазы иҭижьыз ақәҵарала атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи араион иазоужьуп 4,15 млн мааҭ. Арҭ аԥарақәа азырхоуп аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны зыҩнқәеи змазареи ааха зауз Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра ацхыраара рыҭара. Ашәарақәа зегьы ауааԥсыра рҟынӡа инагахоит аамҭа кьаҿк иалагӡаны.


Read 21 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.