Апроект анагӡаразы Гагра араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьын 60 млн мааҭ. Аобиект аҿы аусурақәа мҩаԥысуан 2023 шықәса инаркны. Уи иабзоураны ақалақь аҿы ицәырҵит ааӡамҭацәа рыдкылара иазхиоу, иахәҭоу аҵаратә мыругақәа рыла еиқәыршәоу ҳаамҭа иақәшәо, иманшәало ахыбра.
Ашколқәранӡатәи аусбарҭа ҿыц 80-ҩык ахәыҷқәа аднакылар алшоит. Ахәыҷбаҳча анапхгаҩыс дҟаҵоуп Наала Лашәриа.
Аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аҵара аминистр Хана Гәынба, Гагра араион ахада Иури Хагәышь.






