АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 23:40

Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи ақалақь шьаҭаркуижьҭеи 2510 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит

Ҭемыр Агрба иҟаиҵаз ааԥхьараҿы иазгәеиҭеит Аҟәа адунеи аҿы ижәытәӡатәиу ақалақьқәа ишреиуоу, ажәларқәа аӡәырҩы рҭоурыхи, ркультуреи, рлахьынҵақәеи ахьеиларсу ҭыԥны ишыҟоу.

Аҳҭнықалақь ахада ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәеит ақалақь аветеранцәеи, абыргцәеи, аҭоурыхи аҵасқәеи рыхьчаҩцәеи.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ақалақьтә мчрақәа ақалақьтә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи арҿыцреи рзы асистематә усура ишацырҵо.

«Ақалақь ахадара анаҩсгьы ирылшо зегь ҟарҵалоит Аҟәа аҿиаразы, уаҟа анхара, аусура, ахәыҷқәа рааӡара, ажәра аԥылара маншәалахарц азы. Ҳара иацаҳҵоит амҩадуқәеи апаркқәеи реиқәыршәара, аинфраструктура арҿыцра, аҭоурыхтә ҭынха аиқәырхара, ауааԥсыреи атуристцәеи рзы аԥсшьарҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара», — иҳәеит Агрба.

Ахыркәшамҭаз ақалақь ахада Аҟәа иқәыгхо ауааԥсыра ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьареи аихьӡара ҿыцқәеи, ҭаацәацыԥхьаӡа анасыԥи аманшәалареи.


Read 60 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.