АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:34

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба диԥылеит Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Александр Куренков

Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аделегациа ареспубликахь иааит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 20 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы.

Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ауааԥсыра рыдгыларазы иреиӷьу асистемақәа руак Урыстәыла ишаԥҵоу.

Аусеицура далацәажәо атәыла ахада игәалаиршәеит ҵыԥх аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аҳаирплан Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь ишнеиз ацхыраара лассы зҭахыз ачымазцәа ргаразы, уи иҭабуп ҳәа ахиҳәааит.

Александр Куренков иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Аԥсны асасдкылара акультура ҳаракы азгәаҭаны.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аусбарҭақәа рыбжьара аусеицура шымҩаԥысуа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра анышьақәгыла раԥхьатәи амшқәа инадыркны, уи иҷыдоу аимпульс шаиуз 2010 шықәса рзы аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥырҟәҟәаара аганахьала анапхгарабжьаратә еиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵа ашьҭахь.

Куренков иҳәеит аусеицура акрызҵазкуа аспектны ишыҟоу ҳаамҭазтәи узықәгәыӷша атехникатә хархәагақәа. Аԥсны аиқәырхаратә усбарҭа атехникатә цхыраара рыҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа жәпакы нагӡоуп, убри аан иназыцҵоу аиқәыршәара азҵаара аус адулара иаҿуп.

Александр Куренков хазы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи атәылауаа ацхыраара шрырҭо, уи ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, иара убасгьы иҳәеит ахә ҳаракны ишишьо излахысуа Урыстәыла арегионқәа руааԥсыра ирырҭо адгылара.

Иара агәра диргеит Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра есқьынгьы ишазыхиоу Аԥсны ацхраара.


Read 55 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.