Ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, иара убас Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани рхаҭарнакцәа.
Еиҭашьақәдыргыло аԥшаҳәа аура 1 920 метра ыҟоуп, азеиԥш ҵакыра 13,7 га. Анџьныртә ӡбара ҿыцқәа зегьы ҳасаб рзуны аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ахәԥса 2,5 млрд мааҭ иреиҳахеит.
вчера 4:06
Башкортосҭан ацхыраара иабзоураны зыхәҭак еиҭашьақәыргылоу Диоскураа рыԥшаҳәаҿы аҭаӡҩыра шьақәдыргылеит
«Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Ареспублика Башкортосҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) аԥшаҳәа ахәҭа аиҭашьақәыргыларазы иҭабуп ҳәа рарҳәоит»,- аҳәоит аҭаӡҩыраҿы иану аҩыра.






